Аимадареи амассатә коммуникациақәеи, ацифратә ҿиареи рзы Аҧсны Аҳәынҭқарратә еилакы ахьӡала агазеҭ «Аԥсны» аредакциа аусзуҩцәа гәык-ԥсыкала ишәыдаҳныҳәалоит аԥсуа литературеи ҳмилаҭтә журналистикеи ирхыҵхырҭоу, Аԥсны амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа ирымшны иԥҳьаӡоу, аџьабаа здыжәбало агазеҭ «Аԥсны» 107-шықәса ахыҵра амш.
Ари аныҳәамш аҽны агазеҭ аусзуҩцәа ҳшәыдныҳәало ишәзеиӷьаҳшьоит раԥхьаӡа иргыланы агәабзиара, агәамч, арҿиаратә еихьӡарақәеи ажәабжь бзиақәеи.